Songteksten

Ашьыжь сыбжьы ырхааны сиҧхьоит схатә ҩыза:
"Ҳнаҿыхәап ҳгәы зырхаауа акаҳуа"
Ҳгәалаҟара бзиан, гәырӷьа-ччара ҳаман
Абзиара еибыҳәо ҳнеицәажәоит уа
Ашьыжь уа уанҿыха, шьапымшыла угыла
Ухазы иссиру амш ухала иҟаҵа
Адәахьы ихьҭазаргь ихадоу удыруаз
Угәаҿы еснагь аҧхара ҭаз!
Амра еснагь ҳханы илашаларц
Уахынла ажәҩан еҵәала иҭәыз
Абзиабара ҳара зегьы ҳарҧхаларц
Иахьа, уаҵәы, наунагӡа
Амра еснагь ҳханы илашаларц
Уахынла ажәҩан еҵәала иҭәыз
Абзиабара ҳара зегьы ҳарҧхаларц
Абас игоит са сгәы абжьы
Ашьыжь ибжьы ырхааны дсыҧхьоит схатә ҩыза:
"Ҳнаҿыхәап ҳгәы зырхаауа акаҳуа"
Ҳгәалаҟара бзиан, гәырӷьа-ччара ҳаман
Абзиара еибыҳәо ҳнеицәажәоит уа
Ашьыжь уа уаҧыла
ухаҿы еихаччо
нас зегьы иааукәыршан даҽакхап
адәахьы иуҧыло
ныҳәак ума џьыршьап
Заҟара-зыцлогьы рацәаҩхап
Ухазы иссиру амш ухала иҟаҵа
Адәахьы ихьҭазаргь ихадоу удыруаз
Угәаҿы еснагь...
Угәаҿы еснагь...
Угәаҿы еснагь аҧхара ҭаз!
Амра еснагь ҳханы илашаларц
Уахынла ажәҩан еҵәала иҭәыз
Абзиабара ҳара зегьы ҳарҧхаларц
Иахьа, уаҵәы, наунагӡа
Амра еснагь ҳханы илашаларц
Уахынла ажәҩан еҵәала иҭәыз
Абзиабара ҳара зегьы ҳарҧхаларц
Абас игоит са сгәы абжьы
Абас игоит са сгәы абжьы
Амра еснагь ҳханы илашаларц
Уахынла ажәҩан еҵәала иҭәыз
Абзиабара ҳара зегьы ҳарҧхаларц
Иахьа, уаҵәы, наунагӡа
Амра еснагь ҳханы илашаларц
Уахынла ажәҩан еҵәала иҭәыз
Абзиабара ҳара зегьы ҳарҧхаларц
Абас игоит са сгәы абжьы
Written by: Хибла Мукба
instagramSharePathic_arrow_out